16-ноября-2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ЗВОЛЬТҲАРАКУ АФЫМЦАЦӘАҲӘА «АҼГӘАРА» АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА АЗЫ АМАҬӘАХӘҚӘА РААХӘАРА ААН АФИНАНСТӘ ЕИЛАГАРАҚӘА РЗЫ АСОЦКАҬАҚӘА РЫҞНЫ ИЦӘЫРҴЫЗ АДОКУМЕНТ АХӘШЬАРА АҬАРА АЗЫ АПРОКУРАТУРА ХАДА АХЬ АДҴА ҞАИҴЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит. Аилатәараҟны ирылацәажәеит асоциалтә каҭақәа рыҟны ицәырҵыз афымцамчтә усхк аҟны аԥара аӷьычра ыҟоушәа зҳәо адокументқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә саит.  

Аҳәынҭқарра Ахада амчратә усбарҭақәа рнапы ианиҵеит атәылауаа жәпакы рҳәамҭақәа рыла 70 позициацыԥхьаӡа рыла ахәқәа ирыцҵаны иахьарбоу адокумент ахкьыԥхьла ахаҭареи аҵабырг иахьынӡақәшәои ргәаҭаразы иацклаԥшны иҭырҵаарц. Аҳәынҭқарра Ахада иалкааны аҿҳәара аиҭеит агәаҭареи аҳасабырба аҟаҵареи рзы.

«Аинформациатә хархәагақәа рыҟны ажәабжь цәырҵит «Аҽгәара» ацәаҳәа шьаҭанкылатәи арҿы

цразы иаҭаху аматериал аахәараан афинанстә еилагара дуқәа ҟаҵан ҳәа. Абри инамаданы Апрокуратура хада анапы ианысҵоит 15 мшы рыҩныҵҟала абри аинформациа ҭҵааны адырра сырҭарц азы», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада аоперативтә ҟәшеиҵақәа ирыдиҵеит зегь рыла Апрокуратура хада ацхыраара арҭарц.

 

 

 


Прочитано 1640 раз Последнее изменение 17.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.