14-ноября-2022

ЛАША АШӘБА АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ III И IV ААԤХЬАРАҚӘА РДЕПУТАТ АЛЬБАРТ АЗАТ-ИԤА ОВСЕПИАН ИԤСҬАЗААРА ИАЛҴРА ИНАМАДАНЫ ИУАЦӘЕИ ИҬЫНХАЦӘЕИ ДРЫДЫШШЫЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент III-и IV-и ааԥхьарақәа рдепутат Альберт Азат-иԥа ОвсепианАԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент III-и IV-и ааԥхьарақәа рдепутат А. А. Овсепиан иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

 

Адышшылараҟны иҳәоуп:́

«Альберт Азат-иԥа Овсепиан ҳтәыла иқәынхо ауааԥсыра аӡәырҩы ргәалашәараҿы даанхоит. Иара Аԥсны диит, иԥсы ҭанаҵы абра дынхон, аџьа ибон, идырра, иԥышәа рымаидон аҵара зирҵоз ашколхәыҷқәа, аус ицызуаз иколлегацәа. Гәык-ԥсык ала инаигӡоз арҵаҩратә усураҟны иааирԥшуаз ахамеигӡара иабзоураны Альберт Азат-иԥа Аҟәа араион ауааԥсыра раҳаҭыр даԥсахеит - ҩынтәны Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатс далхын .

Адепутаттә усураҟны иҟазаараан Альберт Азат-иԥа  Овсепиан ихы ааирԥшит аԥышәа змоу аполитик, аҭакԥхықәра ныҟәызгоз, ауаҩы ицхыраара иазхиаз аӡә иаҳасабала.

III-и IV-и ааԥхьарақәа рдепутатцәа Альберт Овсепиан рганахьала имаз агәрагара  атәы аҳәоит Аԥсны Ахада иҟны иҟоу Анажьразы акомиссиеи Аԥсны Ахада Иусԥҟала иаԥҵаз Аконституциатә реформазы акомиссиеи реилазаара иалаҵаразы азыӡба анрыдыркылоз.

2006 ш. уи III ааԥхьара, 2007 ш. – IV ааԥхьара адепутатцәа далырхуеит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс.

Альберт Азат-иԥа Овсепиан Апарламент аусураҟны илагаламҭа ыҟоуп иара убас Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Асоциалтә политикеи, аҭаацәареи, агәабзиарахьчареи, аџьеи рзы аилак аҟны иусурала. Изныкымкәа ҳ-Парламент хаҭарнакра азиухьан Аԥсны анҭыц имҩаԥысуаз еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа раан аделегациа далахәны.

Альберт Азат-иԥа аԥсҭазаара бзиа избоз, гәкаҳара знымԥшуаз, иаартыз уаҩын. Абас Альберт Азат-иԥа Овсепиан ахааназы ргәалашәараҿы дагьынхоит иҭынхацәа, изааигәаз ауаа, иколлегацәа, иҵаҩцәа, дыздыруаз зегьы».

 


Прочитано 1097 раз Последнее изменение 15.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.