14-ноября-2022

АԤСНЫ ИНХО УРЫСТӘЫЛА АТӘЫЛАУАА РЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЦЕНТР АНАПХГАҨЫ АКОНКУРС “ЖӘЛАР РДИПЛОМАТИА АԤЫЗА” АФИНАЛ АҞЫНӠА ДНАӠЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рзинқәа рыхьчаразы Ацентр анапхгаҩы Елена Жилинскаиа Жәларбжьаратәи аконкурс «Жәлар рдипломатиа аԥыза» афинал аҟынӡа днаӡеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп аконкурс асаит аҟны.  

Аконкурс афинал мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмза 2022 шықәсазы Пермтәи Жәларбжьаратәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи рхы аладырхәуеит 18-ҩык урыстәылатәи аԥызацәеи  12-ҩык аҳәаанырцәтәи аԥызацәеи. Зынӡа апроект апрограмма аҿы рхы аладырхәит 23 аҳәаанырцәтәи атәылақәеи Урыстәыла  34 региони рҟынтәи икоммерциатәым асектор ахаҭарнакцәа.

Жәларбжьаратәи аконкурс «Жәлар рдипломаиа аԥыза» аҵарадырратә программа  аҵарадырратә интенсив – аконкурс алахәылацәеи урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии аекспертцәеи реиԥыларақәа, алекциақәа,  иара убас адҵақәа рынагӡареи апрактикум ахысреи – ирыдгалоу азҵаарақәа рыла апрактикаҿы ӡбамҭақәа рыдкылара азы амҩақәа рыԥшаара рыла ишьақәгылан.  

Аконкурс иалахәыз, иаагозар, атәылақәа реизааигәахара аинструмент аҳасабала аиашьаратә қалақьқәа рыхцәажәара дҵаны иқәгылан. Иара убас еиуеиԥшым атәылақәа рҿы Урыстәыла ажәларқәа ринтернет-еилазаара аарԥшреи урҭ жәлартә дипломатиа аҿы инарыгӡо ароль алкаареи рзы адҵа ықәыргылан; ауаажәларратә еиҿкаарақәа, аԥызацәа, ауаажәларратә еилазаарақәа русура аформатқәа ралкаареи рыҭҵаареи, уҳәа иуадаҩу жәларбжьаратәи аконфликтқәа рҭышәынтәалара аҿы ақәҿиарақәа раарԥшра алзыршо егьырҭ аусуратә хырхарҭақәа раарԥшреи.   

Аконкурс мҩаԥнагоит Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Урыстәыла ажәларқәа Рассамблеиа». Убри аан иарбоу аусмҩаԥгатә аиҿкаараҿы ацхыраара ҟанаҵоит апрезиденттә грантқәа Рфонд, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу амилаҭбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Ахеилак, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума амилаҭқәа русқәа рзы Аилак, Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра, амилаҭқәа русқәа рзы Афедералтә агентра, Урыстәылатәи Афедерациа адәинхаҵарабжьаратәи, амилаҭбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҭышныртәаларазы Ауаажәларратә Палата Акомиссиа, инапхгаратәым аиҿкаарақәа Жәларбжьаратәи Реидгыла «Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа».

 

 


Прочитано 1148 раз Последнее изменение 14.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.