Версия для печати
11-ноября-2022

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АЛЕҚСАНДР ШЬОУА АҟЫБАҨ ЗЛОУ АҾАР ИРИҬО АДГЫЛАРЕИ АЦХЫРААРЕИ РЗЫ ИҬАБУП ҲӘА ЕИҲӘЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи  зҽаԥсазтәыз артист, ашәаҳәаҩ, акомпозитор Алеқсандр Шьоуа дидикылеит.

Аестрадатә ашәаҳәаҩ аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәаларц азы ааигәа Аԥсныҟа дааит.

Алеқсандр Шьоуа аԥыза-министр изеиҭеиҳәеит имоу арҿиаратә гәҭакқәа ртәы, Аԥсны иадҳәалоугьы уахь иналаҵаны. Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡалеи хаҭара иара ихьӡалеи Алеқсандр Анқәаб ашәаҳәаҩ аҟыбаҩ злоу Аԥсны аҿар ириҭо адгылареи ацхыраареи иԥсадгьыл ахь иааиԥмырҟьаӡакәа иаарԥшуа агәцаракреи  рзы иҭабуп ҳәа еиҳәеит. 

Аԥыза-министр Ареспублика анапхгара аринахысгьы акультура аусхкы иадҳәалоу аинтерес зҵоу апроектқәа адгылара шарҭало азы инаҵшьны иазгәеиҭеит.


Прочитано 1439 раз Последнее изменение 12.11.2022