Аихшьаалатә аттестациа алҵшәақәа рыла аҳәынҭқарратә маҵурауаа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы аршаҳаҭгақәа рыҭахоит.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 50-ҩык инарзынаԥшуа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә маҵурауаа Ставрополь ақалақь аҿы рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы акурсқәа ирхыслоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҵареи абызшәатә политикеи рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Апроект Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрреи Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә Университети рыла инагӡахоит.
Аихшьаалатә аттестациа алҵшәақәа рыла аҳәынҭқарратә маҵурауаа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы аршаҳаҭгақәа рыҭахоит.