08-ноября-2022

АПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АУС ЗУА «АЕЛЕКТРОНТӘ АШӘАТӘЫ АХАРХӘАГАҚӘА РХАРХӘАРАЛА АМИЛАҬТӘ ШӘАРАТӘ СИСТЕМА АЗЫ” АЗАКӘАНԤҴАРА АԤСАХРАҚӘА РАЛАГАЛАРА АҬАХНЫ ИАԤХЬАӠОИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламенттә Еилакы аус зуа азакәанԥҵара аԥсахрақәа ралагалара аҭахны иаԥхьаӡоит. Иахьа имҩаԥысит Беслан Ҳалуашь хантәаҩра ззиуаз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара.

Аилак аилатәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк Ахантәаҩы Беслан Бараҭелиеи уи иусзуҩцәеи, ЗҲӘА «А-Мобайл» адиректор хада Борис Барцыц, уи ихаҭыԥуаҩ Арсоу Ҳашба.

Аилатәара амш азҵаара инақәыршәаны иахәаԥшын аелектронтә шәатәтәы хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәтәы системазы (АШӘС) Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны иазырхиоу «Аелектронтә шәатәтәы хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәтәы системазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Азакәан аԥшьгаҩцәа 2011 шықәсазы ирыдыркылаз амилаҭтә шәатәтәы системазы ихадоу анормативтә акт - «Аелектронтә шәатәтәы хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәтәы системазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ҳазҭагылоу аамҭазы инхарҭәааны аелектронтә шәатәтәы хархәагақәа рхархәара аусхк аҟны ишьақәгыло аизыҟазаашьақәа рҳәаақәҵара залшаӡом ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Абри инамаданы ирыдгалоуп «аелектронтә ԥарақәа» ҳәа аилкаара алагалара, АШӘС алахәцәа – апартниорцәа-апроваидерцәа рзин ашьақәырӷәӷәара, ашәатәқәа рыдкылара ахԥатәи ахаҿқәа ирхырҳагахартә амҩаԥгара, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк апартниор –апроваидер ишәатәқәа рыдкыларазы аԥҟара аҳәаақәҵаразы азин ашьақәырӷәӷәара. Убри аан азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит АШӘС ахәдықәҵаратә фонд АШӘС алахәцәа рыхәдықәҵаратә лагаламҭақәа рыла аԥҵара. Уи хархәара аҭахоит АШӘС алахәцәа рхыдҵақәа рынагӡара алыршара хықәкыс иҟаҵаны.         

Аилатәара алахәцәа алахәцәа ахәаԥшит  Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә закәанԥҵара  аҷыдарақәеи ишьақәгыло ауаажәларр-економикатә еизыҟазаашьақәеи ҳасаб рзуны Аԥсны Аҳәынҭқарра абанктә закәанԥҵара аиӷьәра хықәкыс иҟаҵаны иазырхиоу «Абанктә ҳәаақәҵаара аусхк аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан апроект.

Азакәанапроект аилыркааганҵаҟны, ҷыдала, иҳәоуп: 

«Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит акредиттә еиҿкаара акциақәа (ахәҭаақәа) иуристтә хаҿык ма уаҩытәҩсатә хаҿык, мамзаргьы еиқәшаҳаҭрала еидҳәалоу аиуристтәи ауаҩытәҩсатә хаҿқәа ргәыԥи  ала акы ма инеиҳаны имҩаԥгоу аилаӡарақәа рышәагаа аиҵатәра Аԥсны Абанк  20 % инаркны 10 % рҟынӡа. Ари аԥсахра Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵареи Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵареи реинырнаалара иазку ауснагӡатәқәа рынагӡара иазкуп, Аԥсны Абанк аиҿкаара афункциақәа еиҳа еиӷьны анагӡара  алнаршоит».  Иара убас иазԥхьагәаҭоуп атермин «акыр анырра» «аконтроли акыр анырреи» рыла аԥсахра, иалыршахоит еиҳа иҿыцу, зехьынџьара хархәара змоу атерминологиа ахь аиасра, иара убас Афинанстә ҳасабырба жәларбжьаратәи астандартқәа (АҲЖӘА) ирықәшәоит.

Азакәан апроект ала иаԥыххоит иахьа аус зуа иақәнагоу ахыԥхьаӡаларҭа аартра иазку адырраҭаратә процедура еиқәырханы акредиттә еиҿкаарақәа акорреспонденттә хыԥхьаӡаларҭақәа раартра аԥҟара.   Аилатәара амш азҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит  «Изыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәанапроект ахцәажәара. Уи ашәахтәшәаҩы ихыхразы идикылаз ишәахтә аицҵалыҵ аиҭашьақәыргылара азҵаарақәа рҭышәынртәалара иазкуп. 


Прочитано 962 раз Последнее изменение 11.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.