ИНТЕРВЬЮ

14-ноября-2022

АҴАРЕИ АБЫЗШӘАТӘ ПОЛИТИКЕИ РМИНИСТР НАПХГАРА ЗИҬО АХЫЛАԤШЫРҬА АԤШЬБАТӘИ АԤШЬБАРА АЗЫ ИАМАЗ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АИМАДАРАҚӘАА РЗЫ АԤЫЗА-МИНИСТР АДЫРРА ИИҬЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб атәыла аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа дидикылеит. Ахылаԥшырҭа ахада урыстәылатәи рколлегацәа рымадара алҵшәақәа рзы уахь иналаҵаны, иааизакны Аминистрра ахылаԥшрала имҩаԥысуа аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.

Аминистр иажәақәа рыла, анапхгарабжьаратәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, ареспублика ахь иаашьҭын 40 нызықь инарзынаԥшуа аиҳабыратә классқәа рзы арҵага шәҟәқәа. Уажәы Аминистрра урҭ ашколқәа рахь аихшара мҩаԥнагоит.

Нхыҵ-Каваказтәи афедералтә университети Аминистрреи рнапхгарала арҵаҩцәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәеи рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы апрограмма реицынагӡара мҩаԥысуеит: Аҟәа ақалақь аҿы алекциақәа ркурс иазыӡырҩит 100-ҩык инареиҳаны; Ставрополь ақалақь ахь  аквалификациа ашьҭыхразы идәықәҵахеит  50-ҩык аԥснытәи аспециалистцәа. Арҭ амшқәа рзы Нхыҵ-Каваказтәи афедералтә университет ахаҭарнакцәа Очамчыреи Гәдоуҭеи ақалақьқәа рҿы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа рыквалификациа аҩаӡара ашьҭыхра иазку акурсқәа мҩаԥыргоит.

Инал Габлиа иара убас иааиуа ашықәс актәи аԥшьбара азы иазԥхьагәаҭоу жәларбжьаратәи аусеицура апланқәа дрылацәажәеит. Уи иажәақәа рыла, аԥснытәи аҵаҩцәа Аҵаратә центр «Сириус» (ақ. Шәача. Урыстәыла) абаза ала аолимпиадақәаеи егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи рылахәхара иацҵахоит.

Алеқсандр Анқәаб аҵара аминистр ашықәс аихшьаалақәа рыла инагӡаз апроектқәа рзы ажәахә аиқәыршәареи аҟаҵареи рзы анапынҵа ииҭеит.


Прочитано 982 раз Последнее изменение 17.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.