ИНТЕРВЬЮ

14-ноября-2022

АХӘМАРРАҚӘА РЗЫ АРЕСПУБЛИКАТӘ ХӘЫҶТӘЫ-ҚӘЫԤШТӘ СПОРТТӘ ШКОЛ АШЬАПЫЛАМПЫЛАСЫҨЦӘА АТУРНИР “АЧЕМПИОН ҾАРАЦӘА РЕИДГЫЛА” АҾЫ АХԤАТӘИ АҬЫԤ ААНЫРКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахәмаррақәа рзы Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ 2009 шықәса рзы ииз ааӡамҭацәа рыла еилоу атурнир «Ачемпион ҿарацәа Реидгыла" аҿы ахԥатәи аҭыԥ аанакылеит. Атурнир абҵарамза 7- 13 рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуан, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир рхы аладырхәит Шәача, Армавир, Ростов-на Дону, Новочеркасск, Аҟәа ақалақьқәа рҟынтәи 12 командак. Атурнир аӡбаҩ хадас дыҟан Ачемпионцәа Реидгыла аҿы аӡбаҩыс иҟаз аӡбаҩ  Павел Кукуиан.  

Атурнир иреиӷьу амбахьчаҩыс далкаахеит Владислав Барганџьиа, акоманда иреиӷьу ахәмарҩыс - Максим Касланӡиа.

Аҟәатәи акоманда азыҟаиҵоит Мераб Кәакәасқьыр.


Прочитано 1297 раз Последнее изменение 14.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.