Версия для печати
19-декабря-2022

ИНАЛ ГАБЛИА БЕЛГОРОДТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ТЕХНИКТӘ УНИВЕРСИТЕТ АРЕКТОР СЕРГЕИ ГЛАГОЛЕВ ДИԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиеи уи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳаи  В. Г. Шухов ихьӡ зху Белгородтәи аҳәынҭқарратә техникатә Университет аректор Сергеи Глаголеви атехниктә Университет аиҿкаареи анапхгараҭареи ринститут адиректор  Сергеи Булгакои рыдыркылеит.

Аиԥылара аҿы иреиҳаӡоу аҵараиура, ареспублика  аҟынтәи астудентцәа Белгород ақалақь ахь аҵаразы рдәықәҵареи, уаҟа рыҟазаара ашәарҭдара алыршареи, иара убас ареспублика аспециалистцәа реиҭазыҟаҵареи аолимпиадақәеи еиуеиԥшым аконкурсқәеи рылахәхареи, уҳәа аҵарадырра аусхкы аҿы аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит.


Прочитано 850 раз Последнее изменение 20.12.2022