15-ноября-2022

АСТРАХАНТӘИ АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА АԤСНЫНТӘИ АВТОМАШЬЫНА ААМҬАЛА ААГАРА АЗЫ АҲАЗЫЛХРАТӘ РЕЖИМ АИЛАГАРА ИАДҲӘАЛОУ АФАКТ ААДЫРԤШИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Астрахантәи аҳазылхратә Усбарҭеи Астрахантәи аобласт ала аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара азы аҳәынҭқарратә инспекциа Аусбарҭеи  еицымҩаԥыргаз аусмҩаԥгатә аан иаанкылан Ареспублика Аԥсны ашәҟәы иҭагалоу   автомашьына «Тойота Марк X», уи аԥсҟы лкын  Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу аԥҳәыс, ҳәа иаанацҳауеит Аладатәи аҳазылхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

Иарбоу атранспорттә хархәага зтәу Ареспублика Аԥсны атәылауаҩ, иарбоу амашьына цәыббрамза 2021 шықәсазы ахатәыхархәразы, аҳазылхратә шәатәқәа ршәара аҟынтәи ахы иақәыиҭтәны Урыстәылаҟа иааигеит.   Аха ари амашьына аԥсҟы лкын Астрахань инхо аԥҳәызба, уи иарбоу атранспорттә хархәага лхатәы хықәкқәа рзы лхы иалырхәон.  Лара азинхьчаҩцәа иԥаршеиу адыррақәа зныз аусшәҟәқәа длырбеит, убри аан аилыркааратә зҵаарақәа рҭакқәа рыҟаҵара мап ацәылкит.  Аамҭала иалагалоу атранспорттә хархәагақәа аҳәаанырцәтәи атәылауаа рхатәы хықәкқәа рынагӡара азы рхархәара аԥҟарақәа Евразиатәи аекономикатә Еидгыла Аҳазылхратә Закәаеидкыла ахәҭаҷ 264 аҿы иарбоуп.  Урҭ инарықәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа аҳазылхратә усбарҭақәа рақәыршаҳаҭра ада ахархәаразы  рыҭара азы азин ыҟаӡам.  

Астрахантәи аҳазылхратә Усбарҭа ала Урыстәылатәи Афедерациа Административтә Зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 16.24 ахәҭа 2 инақәыршәаны Ареспублика Аԥсны атәылауаҩ иганахьала автомашьына изакәанымкәа егьи ахаҿы иҭара азы аусеилыргара хацыркуп.  Аусеилыргара ақалақь Астрахань Асоветтәи араионтә ӡбарҭа ахь ахәаԥшразы идәықәҵоуп.

Иарбоу азинеилагара азы административтә хьырхәра аҳасабала иазԥхьагәаҭоуп атранспорттә хархәага амхра, аха убри аан ишәам аҳазылхратә шәатәқәа реицҵалыҵ 2 млн. мааҭ иреиҳазар, усҟан ашьауӷатә ҭакԥхықәра Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  194 иақәыршәаны иалххоит. Автомашьына аԥсҟы зкыз Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лганахьала лхымҩаԥгашьа аҿы УА Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  327 аҟазшьақәа (иԥаршеиу аусшәҟәқәа рыҟаҵареи рхархәареи реиҭарсреи) рыҟазаара инамданы агәаҭарақәа мҩаԥысуеит.

«Зынӡа, 2022 шықәса алагамҭа инаркны автомашьына аамҭала аагара азы аҳазылхратә режим аилагара иадҳәалоу 21 факт аарԥшын», – ҳәа алкаа ҟаиҵеит аҳазылхра анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Евгени Бондариов.


Прочитано 1307 раз Последнее изменение 15.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.