АԤСНЫ АХАДА АԤСНЫ АЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘ ЕИБАШЬРААН ГАГРА АҚАЛАҚЬ АҞНЫ ИҬАХАЗ РБАҞА АМҴАН АШӘҬШЬҬАҴАРА АЦЕРЕМОНИА ДАЛАХӘЫН. .

  • font size decrease font size increase font size
  • Акьыԥхьра
  • Email

Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Гагра  ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.

Иҭахаз ргәаладыршәарц уахь инеит Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб,  Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иубарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩы Саида Быҭәба, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин,

Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра алахәцәа, Гагра араион Администрациа ахада Иури Ҳагәышь, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

 

 

- Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 23:06
РГУ "АПСНЫМЕДИА" Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" © 2023 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info. При полной или частичной перепечатке текстовых материалов в интернете гиперссылка на www.apsnypress.info обязательна.