ЛАША АШӘБА ГАГРА АҚАЛАҚЬ АХЫ ИАҚӘИҬУИЖЬҬЕИ 30 ШЫҚӘСА АҴРА ИНАМАДАНЫ ҲАУААЖӘЛАР ДРЫДНЫҲӘАЛЕИТ.

  • font size decrease font size increase font size
  • Акьыԥхьра
  • Email

Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Гагра ақалақь ахы иақәиҭуижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы ҳауаажәлар дрыдныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Акыр иаԥсоу Гаграа, Гагра арион иқәынхо ҳауаажәлар зегьы! Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Гагреи Гагра араиони рхы иақәиҭуижьҭеи 30 шықәса аҵра арыцхә.

1992 шықәса жьҭаарамза 2 инаркны 6-нӡа имҩаԥсыуаз Гагратәи операциа ашьҭахь Гагра араион ахақәиҭтәра хыркәшан.

Жьҭаарамза 6 рзы, ашьыжь ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа аҩадакавказтәи хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рываргыланы имҩаԥыргаз аоперациа иалҵшәахеит Ԥсоу аӡиас иаԥну аҳәааҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ ахаргылара.

Ари аоперациа 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны аиааира агараҿы акырӡа зҵазкуа ак акәны, ҳаибашьцәа ргәымшәареи, рфырхаҵареи ирсимволны иҟалеит. Рыхьӡ кашәара ақәым Гагра араион ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз ҳҵеицәа.

Гагра араион ауааԥсыра, ҳтәылауаа зегь реиԥш, хьӡи-ԥшеи зцу ҳҭоурых рхашҭраны иҟаӡам, ҿыц игыло абиԥарақәагьы ирымардоит хамеигӡарада Аԥсадгьыл ахьчара иазку атрадициа шьахәқәа.

Ари аныхәамш аҽны ҷыдала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аибашьра аветеранцәа. Аԥсны жәлар зегьи ирзеиӷьаҳшьоит ансыԥ, ахирра, аҭынчра!».

 

 

- Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 23:03
РГУ "АПСНЫМЕДИА" Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" © 2023 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info. При полной или частичной перепечатке текстовых материалов в интернете гиперссылка на www.apsnypress.info обязательна.