АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСРН ИХАҬЫԤУАҨ ОДИССЕИ БИГӘАА УРЫСТӘЫЛА АԤШААРАТӘ ОТРИАДҚӘА РХЕИДКЫЛА АХАҬАРНАКЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.

  • font size decrease font size increase font size
  • Акьыԥхьра
  • Email

Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥысит аминистр  ихаҭыԥуаҩ  Одиссеи Бигәааи Урыстәыла аԥшааратә отриадқәа Рхеидкыла ахаҭарнакцәеи реиԥылара.

Аиԥылара далахәын Алада Новгород иҟоу Аԥсны Аҳаҭыртә консул Владимир Литвинчук.

Аиԥылара иазҵаара хаданы иҟан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аԥсны аҵакыраҿы иҭахаз асовет еибашьцәа ргәалашәара анаӡаӡатәразы аиҿкаара аусура.

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Россотрудничество рақәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоуп хара имгакәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аԥсны аҵакыраҿы иҭахаз асовет еибашьцәа ргәалашәара анаӡаӡатәразы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара.

Уаанӡа Аԥсны ахаҭарнакцәеи Ахеилак ахаҭарнакцәеи еицымҩаԥыргахьан аԥшаарақәа Московатәи аобласт аиланхарҭа Дубасеково аҿы.

Урыстәыла аԥшааратә отриадқәа Рхеидкыла иахықәкуп Аибашьра Ду иалаӡыз зегьы рыԥсыбаҩқәа анышә ҳаҭырла раҭара, хабарда ибжьаӡыз рыхьӡқәа реиҭашьақәыргылара.

 

- Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 23:01
РГУ "АПСНЫМЕДИА" Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" © 2023 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info. При полной или частичной перепечатке текстовых материалов в интернете гиперссылка на www.apsnypress.info обязательна.