Items filtered by date: Ахаша, 02 Ԥхынгәы 2025
Аԥснытәи аихамҩа зегьы еиҳагьы ирзааигәахоит: аконкурс «Аԥсны акоманда» афиналистцәа аиҭакрақәа аԥшьыргоит.
Аҟәа. Рашәарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 2 рзы имҩаԥысит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» аидиректор Хада Арсоу Ҷыҭанааи аконкурс «Аԥсны акоманда» афиналистцәеи — Аԥсны иҟоу аинклиузивтә туризм Ассоциациа апрезидент Руслана Гергедааи Аԥснытәи аихамҩақәа апассаџьыртә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Емир Агрбеи реиԥылара.
Жәларбжьаратәи амҵәышәмпыл атурнир “С.У.Багаԥшь игәалашәара Ахраҿа” мҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь аҿы ԥхынгәымза 2 -6 рзы.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ахацәа ркомандақәа рыбжьара амҵәышмпыл азы Жәларбжьаратәи атурнир «С.У.Багаԥшь игәалашәара Ахраҿа» аатит Аҟәа ақалақь, Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аҿы.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Тамшьтәи адесант иалахәыз ҳаҭырла игәалаиршәеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, ҧхынгәымза 2 рзы, 32 шықәса ҵит Тамшьтәи арра-амшынтә десант ӡхыҵижьҭеи. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Тамшь ақыҭа аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭқәа шьҭаиҵеит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра алахәылацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, Тамшь ақыҭа анхацәа.
Ԥхынгәымза 2 рзы тамшьтәи арра-мшынтә десант аӡхыҵра ҟалеижьҭеи 32 шықәса ҵуеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 2 рзы 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иналукааша адаҟьақәа иреиуоу, «Тамшьтәи аоперациа» ҳәа хьӡыс изауыз арра-мшынтә десант аӡхыҵра ҟалеижьҭеи 32 шықәса ҵуеит. Рашәарамза анҵәамҭазы, 1993 шықәса рзы Аԥсны Арбџьармчқәа анапхгара аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра азы ажәыларатә операциа амҩаԥгара алзыршоз Аҟәа араион Шрома ақыҭеи астратегиатә ҵакы змоу Аҟәа ақалақь аҩада-мрагыларатәи аганахьала аҳаракырақәеи ргара азы аӡбамҭа аднакылеит.
Ԥхынгәымза 2, 1993 шықәса рзы ақырҭуа ар иназыцҵоу архәҭақәа Аҟәа ақалақь ахь рыиагара аԥхьырҟәҟәаареи уаҟа иҟоу ақырҭуа архәҭақәа аблокада азуреи рзы, Тамшь ақыҭан 300-ҩык инарзынаԥшуа рыла ишьақәгылаз арра-мшынтә десант ӡхыҵит. Адесант хыдҵас иаман амҩаду хада «Очамчыра–Аҟәа» аанкылареи жәамз инареиҳаны амацәаз иҭакыз Ҭҟәарчал ақалақь ахьчараз игылаз арууаа алархәны ажәыларатә операциа амҩаԥгареи.