27.Мшаҧы.2023

2022 шықәсазы ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа 365-ҩык ахәыҷқәа риира азы ирзыршәеит 36,5 млн. мааҭ.

Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара 2022 шықәсазы анапхгарабжьаратәи ахықәкытә программа «Адемографиа аҿиара» анагӡаразы аҳасабырба шьақәнарӷәӷәеит.

Апрограмма ахықәкы хада – иаԥсыуоу аҭаацәара рҿы ахԥатәии уи ишьҭанеиуеи ахәыҷи иира азы 100 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо зныктәи аматериалтә цхыраара аҟаҵара. Зыӡбахә ҳәоу 2020 шықәса аԥшьбатәи аԥшьбаразы иизи 2021 шықәсазы иизи ахәыҷқәа роуп. Убри аан ашәатәы азы адҵаалара ахәҭаны иҟан ахәыҷы даниз инаркны фымз ирхымгакәа, иара убас ажьырныҳәамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31, 2022 шықәса иҭагӡоу аамҭа иалагӡаны.  

2022 программа иазоужьхеит 50 млн. мааҭ.

362 зыҳәамҭа ала аҭаацәа зныктәи аматериалтә цхыраара рыҭаразы аӡбамҭақәа рыдыркылеит. Еициз ахәыҷқәа зауз х-ҭаацәарак ирзоужьхеит 200 -200 нызықь мааҭ.

2022 шықәсазы  365-ҩык ахәыҷқәа (193-ҩык аҷкәынцәеи 172-ҩык аӡӷабцәеи)  риразы ашәатәқәа ҟаҵан. Ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 36,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Ҭаацәак ашәатәы рызшәара мап ацәкын. 

 

 


Read 221 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.