06.Мшаҧы.2023

АԤСНЫТӘИ АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА УРЫСТӘЫЛА АҲАЗЫЛХРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РИНФОРМАЦИА-ПРОГРАММАТӘ ХАРХӘАГАҚӘА ГӘАРҬАРТӘ АҬАГЫЛАЗААШЬА РОУИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 5 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа Шәача ақалақь имҩаԥысуаз асеминар рхы аладырхәит. Араҟа урҭ рыблала ирбеит Урыстәыла аҳазылхратә усбарҭақәа иаку автоматизациа зызу асистема аинформациа-программатә хархәагақәа.

Асеминар Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәии аҵакыра ашьақәыргылара Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аузуҩцәа рзы аужьҭра-гәаҭаратә пункт, аусуратә ҭыԥ, иара убас Урыстәыла аҳазылхратә усбарҭақәа рҿы ахархәара змоу аинформациа-дырранҵатә система афункционалтә лшарақәа дырбара еиҿкаан.

Аԥснытәи аҳазылхыҩцәа Адлертәи Ахырхарҭарацәалатәи автомашьынатә аужьҭра-гәаҭаратә Пункт амаҵзуратә уадақәа рбеит, урыстәылатәи рколлегацәа русушьа гәарҭеит.

Аусуратә еиԥылара рхы аладырхәит Урыстәыла аҳазылхратә Усбарҭақәа рҿы ахархәара змоу апрограмматә хархәагақәа реиқәыршәаҩцәа. Аԥснытәи аделегациа ахаҭарнакцәа иарбоу апрограмматә хархәагақәа Аԥсны аҳазылхратә усбарҭақәа рҿы рхархәара алыршара иалацәажәеит.


Read 169 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.