Print this page
19.Ажьырныҳәа.2023

АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА 21, 28 ԤСШЬАРАМШҚӘАНЫ ИРЫЛАҲӘОУП.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  «Ареспублика Аԥсны аныҳәатәи агәалашәаратәи амшқәа рзы» азакәан иалагалоу аиҭакрақәа инарықәыршәаны, ажьырныҳәамза  19, 2023 рзы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз Ақәҵара ала 2023 шықәсазы Аусеиҿкааратә мзар аиҭакрақәа алагалахеит.  

2023 шықәса, ажьырныҳәамза 21, 28  ахь аусуратә мшқәа рыиагара азы уаанӡа атәыла Анапхгара аҿы ирыдаркылаз аӡбамҭа аԥыхуп.


Read 173 times