Print this page
15.Ԥхынҷкәын.2022

ГӘЫЛРЫԤШЬТӘИ АРАИОНТӘ ӠБАРҬА АӠБАМҬА АЛА ЗУРАБ ГАБИСОНИА 16 ШЫҚӘСА АҬАКРАЛА АХГАРА ИҚӘҴОУП.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшьтәи арионтә ӡбарҭа ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса рзы иаднакылаз аӡбамҭа ала, гәҭакыла зашьа гәакьа Габисониа Дианоз Клименти-иԥа (1979 ш.рзы ииз),  ишьреи иара убас иҭҟьо амцабџьари аибашьыга рҭҟәацгеи (Ф-1) изакәанымкәа аҵәахреи аныҟәгареи рзы ахгара зду, Дранда аҳабла инхо Габисониа Зураби Клименти-иԥа (1980 ш.р.ииз) иганахьала ахарадҵатә зыӡба рыдыркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Аӡбарҭа азыӡба ала Габисониа Зураби ахьырхәра аҳасабала ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә калониа аҿы 16 шықәса ҭакрала ахгара иқәҵахеит.  


Read 1157 times - Аԥшьаша, 15 Ԥхынҷкәын 2022 17:57