13.Ԥхынҷкәын.2022

АПАРЛАМЕНТ АИЛАТӘАРА АКТӘИ АԤХЬАРАҾЫ «АФЫМЦАМЧ АЗЫ АТАРИФҚӘА РЫШЬҬЫХРА ААНКЫЛАРАЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТ РЫДЫРКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касландӡиа/. Жәлар Реизара-Апарламент актәи аԥхьараҿы «Афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра анкыларазы» азакәан апроект рыдыркылеит. Ари азакәан апроект адкыларазы ажәалагала ҟаиҵеит адепутат Ерик Рштуни.

Фымцамч азы атарифқәа рышьҭыхразы амаратори алагалара ахымԥадатәра, азакәан апроект иацу аилыркааратә нҵа аҿы ишазгәаҭоу ала, абарҭ афакторқәа рыла ишьаҭаркуп:

2022 шықәса, ԥхынгәымзазы иҟалаз атарифқәа рышьҭыхра апроценттә еизышәарала ашәатәқәа реизгара аиӷьтәра алнамыршаӡеит;

Афымцамч аныхреи ахархәареи ахылаԥшреи аҳасабыркреи ралмыршара, афымцамч ахархәара шьақәзыргыло априборқәа рыҟамзаара.

«Мшаԥымза 7,  2022 шықәса рзы аминистрцәа Реилазаара  аҿы «Аенергетика аусхкы аҿы ахәқәа (атарифқәа) рышьақәыргылареи рхархәареи, ахархәара аԥҟарақәа, анормативқәеи ахархәара  асоциалтә нормақәеи рышьақәырӷәӷәара аԥҟара азы»  ирыдыркылаз Ақәҵара N 39 иазԥхьагәанаҭо   афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра ҩаԥхьа ахархәара шьақәзыргыло априборқәа рыла еиқәыршәоу изшәац ахархәаҩцәа иназыцҵоу еидараны ирыдҵахоит.  Афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра ахархәаҩцәа ирыдгалахо амаҵзурақәа рхаҭабзиара аиӷьтәра алмыршаӡеит. Зегьы ирыцку, афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра социалла иашьашәалам уснагӡаны иҟоуп», - ҳәа ирыԥхьаӡоит аморатори адкылара аԥшьгаҩцәа.

Аминистрцәа Реилазара ишьақәнарӷәӷәаз 10 000 мааҭ рҟынӡа инаӡо аулафаху иреиҵаӡоу аҩаӡара аан (уи аасҭа еиҵоу аулафахәы зауа абиуџьеттә усхкқәа русзуҩцәа уахь иаламҵакәа), иҟоу атариф аан   хазхаҭалатәи ахаҿқәа рзы егьырҭ акоммуналтә шәатәқәа уахь иаламҵаӡакәа афымцамч азы ашәатәы мызкахьы 1000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

«Ари ашәатәы ахәыҷырцәа змоу аҭаацәа, атәанчаҩцәа,  уҳәа социалла ихьчам ауааԥсыра рзы рымч зқәымхо еидараны ирықәхоит. Иахьазы Аԥсны 12 000-ҩык атәанчаҩцәа  урыстәылатәи атәанчахәы роуӡом, урҭ рхашәалахәы мызкахьы 3 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит, убри аҟнытә  рхашәалахәы аҟынтәи  50%  рхы иадырхәаз афымцамч азы ашәарахь адәықәҵара залыршахом», ҳәа игәаанагара иҳәеит Ерик Рштуни. 


Read 924 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.