Print this page
25.Жьҭаара.2022

АԤСУА ДРАМАТӘ ТЕАТР АДЫГЕИА ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУ VII ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АФЕСТИВАЛЬ ИАЛАХӘХОИТ.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аԥсуа-дыгатә театрқәа VII Жәларбжьаратәи афестиваль «Кавказский меловой круг» ахы аланархәуеит. Афестиваль мҩаԥысуеит жьҭаарамза 24 -29 Маиҟәаԥ ақалақь аҿы.

Афестиваль «Кавказский меловой круг» — ари идуу арегионбжьаратәи афорум ауп. Уи аидкыларатә арҿиаратә ҟазшьа аҵоуп. Афестиваль амҩаԥгара арегионқәеи атәыла-алахәылацәа рзанааҭтә театралтә ҟазара арбеиара, амилаҭтә бызшәақәа, акультуратә традициақәа реиқәырхара иацхраауеит.

Афестиваль аиҿкаара рхахьы иргеит Урыстәылатәи Афедерациеи Адыгеиеи ркультура аминистррақәа, Ареспублика Адыгеиа атеатралтә усзуҩцәа Реидгыла.

Афестиваль рхы аладырхәуеит:

  • И.С. Цеи ихьӡ зху Ареспублика Адыгеиа Амиалаҭтә театр.
  • С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр (ақ. Аҟәа).
  • О. Батыраи ихьӡ зху Даргинтәи аҳәынҭқарратә амузыка-драматә театр (ақ. Избербаш).
  • Али Шогенцуков ихьӡ зху Ҟабардатәи аҳәынҭқарратә драматә театр (ақ. Нальчик).
  • М. Горьки ихьӡ зху Краснодартәи академиатә театр (ақ. Краснодар).
  • Аҳәынҭқарратә республикатә Абазатә драматә театр (ақ. Черқесск).
  • М.О. Аков ихьӡ зху Черқесстәи адраматә театр (ақ. Черкесск). 

  • Read 378 times - Аҩаша, 25 Жьҭаара 2022 16:59