Print this page
18.Жәабран.2024

Аӡымҩангага ахьыԥжәаз иахҟьаны жәабранмза 19 рзы Аҟәа ақалақь ахәҭак ӡрыжәда иаанхоит.

Аҟәа. Жабранмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Имам Шамиль имҩа аҟны (аҩны №128 аҿаԥхьа) 300 мм. рҟынӡа инаӡо аӡымҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны, уаҵәы,  19.02.2024ш., асааҭ 00:00 инаркны 23:00 рҟынӡа аӡыржәтә аанкылахоит Аҟәа ақалақь ахәҭак аҿы: Аҳабла Ҿыц, Ажәытә ҳабла (Аихамҩатә ҳабла), ВИЕМ, Алашарабага аҳабла, Ешба имҩаду, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи, ҳәа иаанацҳауеит аҳҭнықалақь «Аӡыршьҭра».

 


Read 242 times - Аҩаша, 20 Жәабран 2024 00:23