Аиқәыршәагақәа аҿыхуп, аппаратқәа зегьы аамҭала Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа рыцны заканшьаҭада акриптовалиута арҳара аҿагылара иазкны Алада Ешыра имҩаԥыргаз аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, Кьиахьба имҩала игылоу, Габниа Беслан Едик-иԥа иҩны аҿы ирыԥшааит 15 цыра амаининг-аппаратқәа.
Аиқәыршәагақәа аҿыхуп, аппаратқәа зегьы аамҭала Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.