Print this page
16.Жәабран.2024

Аиустициа Аминистрра аҿы Афганисҭантәи аибашьра аветеран аҳамҭа ианаршьеит.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аиустициа Аминистрра аҿы Афганисҭантәи аибашьра аветеран, Аминистрра аӡбарҭатә ӡбамҭақәа рынагӡара Амаҵзура атерриториалтә ҟәша аӡбаратә нагӡаҩы еиҳабы, I акласс аиустициа абжьгаҩ Ҵулукиа Даур Владимир-иԥа аҳамҭа ианашьара ацеремониа мҩаԥысит.  

Афганисҭан аибашьра ахыркәшареи асовет архәҭақәа  атәыла ралгареи аныҟала амш 35 шықәса ахыҵра азгәаҭара иадҳәаланы, аиустициа Аминистрра анапхгараҭара адгаларала, Ҵулукиа Даур Владимир-иԥа «Аибашьратә еиҩызара азы» Аԥсны атәылахьчара Аминистрра    амедал ианашьахеит.

Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц Идҵа инақәыршәаны, Даур Ҵулукиа аԥаратә ҳамҭа ианаршьеит.

 


Read 325 times - Ахәаша, 16 Жәабран 2024 20:12