Print this page
16.Жәабран.2024

Апрокурортә уснагӡатәқәа рыла ареспублика абиуџьет иазырхынҳәын 28 млн. мааҭ инареиҳаны.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Апрокуратура аусбарҭақәа рыла азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра аҭара аганахьала 2023 шықәсазы 318 рҟынӡа азакәан аилагарақәа аарԥшын. (2022 ш. – 192).  Аԥшьаша, жәабранмза 15 рзы имҩаԥысыз Апрокуратура Хада аколлегиа инарҭбаау аилатәара аҿы дықәгыло абри азы адырра ҟаиҵеит апрокурор Хада Адгәыр Агрба.

Иаарԥшыз аилагарақәа рырҽеира азы 126 зԥхьанҵа ҟаҵан. (2022 ш. – 108).

Алеишәатә хьырхәра иақәыршәоуп 4-ҩык (2022 ш. – 13), иалагалоуп 128 азашшрақәа (2022 ш. – 31), административтә хьырхәра иақәыршәоуп 60 -ҩык (2022 ш. – 31), азакәанԥҵара аилагара шыҟамло аза ргәырҽанҵоуп 18 - ҩык( 2022 ш. – 37).

Аусмҩаԥгатә ӡбамҭақәа рыдкыларазы азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭа Апрокуратура Хада ашьаусеилыргаратә Усбарҭа ахь агәаҭаразы аматериалқәа хԥа дәықәнаҵеит. ( 2022 ш. – 3).

Апрокурортә уснагӡатәқәа рыла ареспублика абиуџьети еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи  28 млн.742 нызықьи 777 мааҭ  азырхынҳәын. (2022 ш. –  85 млн. 139 нызықь. 899 мааҭ.).

 


Read 273 times - Ахәаша, 16 Жәабран 2024 19:28