Print this page
15.Жәабран.2024

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аиашахаҵаратә Ныха Ахеилак Ахантәаҩы Аԥшьаҩы еиҳабы Бассариан Аԥлиаа Иира Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аиашахаҵаратә Ныха Ахеилак Ахантәаҩы Аԥшьаҩы еиҳабы Бассариан Аԥлиаа Иира Амш идиныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Адныҳәалара атекст аҟны, ахәҭакахьала  иҳәоуп:

«Аб Бассариан, Шәхацкы! Шәира Амш инамаданы гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәаларақәа шәыдышәкыл.

Шәыԥсҭазаара ззышәкыз Анцәа имаҵзура адоуҳамчи ахамеигӡареи аҭахуп. Шәара ауаа рганахьала иҟашәҵо азҿлымҳареи, арыцҳашьареи, еихсыӷьра змам шәныҳәаԥхьыӡқәеи рыла шәнапы иану аус азыҟазаашьеи ажәлар рахь ишәымоу абзиабареи рзы ҿырԥшыганы бзианы шәыҟан есқьынгьы. Аԥсны Аиашахаҵаратә Ныха арӷәӷәареи ирызку Шәара шәылшамҭақәа аҳаҭырқәҵара дуӡӡа шәаԥсаны шәҟарҵеит». 

Аслан Бжьаниа Аԥсны Аиашахаҵаратә Ныха  Ахеилак Ахантәаҩы Аԥшьаҩы еиҳабы Бассариан Аԥлиаа абри амш аҽны ашықәс рацәа, аизҳазыӷьара, инапы иану аус ду аҟны Анцәа илԥхеи игәыԥхеи изеиӷьаишьеит.

 


Read 268 times - Аԥшьаша, 15 Жәабран 2024 21:54