«Амца ахылаԥшра уадаҩуп, ианрыцәцо ыҟоуп. Убри аан идырым џьоукы гәҭакрыла амца анықәырҵалогьы ҟалалоит», - ҳәа иҳәеит Мурман Ԥачлиа.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амцарцәаҩцәа Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа араион ақыҭақәак рҟны амца зкыз аҵҩаа дырцәеит.
Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо амцарцәаҩцәа уахи-ҽни аус руан ҳәа адырра ҟаиҵеит. Аҵыхәтәан урҭ амцамкра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь рцара ҟалеит асааҭ 03:40 рзы.
«Иаха аҵх иалагӡаны амца ҳарцәеит. Асааҭ 03:40 рзы аҷкәынцәа ироуыз аҵыхәтәантәи адыррала амцарцәараз амҩа иқәлеит. Иахьагьы амш бзиоуп, агәырҭынчра ҟалом,», - ҳәа иҳәеит иара.
Мурман Ԥачлиа гәалсрала иазгәеиҭеит амцакрақәа аиҳарак ауаа ааԥынтәи адәныҟатә усурақәа рҽанырзыҟарҵало аамҭазы, аҵҩаа амца аркны адгьыл аныдрыцқьо, ацәаӷәара ианаздырхио иҟалалоит ҳәа.
«Амца ахылаԥшра уадаҩуп, ианрыцәцо ыҟоуп. Убри аан идырым џьоукы гәҭакрыла амца анықәырҵалогьы ҟалалоит», - ҳәа иҳәеит Мурман Ԥачлиа.