Print this page
13.Жәабран.2024

Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ацхырааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Цхьынвал ақалақь аҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ацхырааразы агәыҳалалратә концерт Цхьынвал ақалақь аҿы имҩаԥысит.

Жәабранмза 12 рзы Цхьынвал ақалақь, Аҳәынҭқарратә драматә театр асцена аҿы  Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ацхырааразы аҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа роркестр  «Аизалд» агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит.

Ахәаԥшцәа ирыдгалан 20 инареиҳаны амузыкатә номерқәа, иара убас аклассикатә рҿиамҭақәа ҳаамҭазтәи анагӡарала иадырҳәеит.  

Абилеҭқәа рыҭира аҟынтәи ирҳаз аԥаратә хархәагақәа зегьы Аԥсны акультура Аминистрра ҷыдала иаарту ахыԥхьаӡаратә ԥхьаӡара иахыԥхьаӡалахоит.

Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Динара Смыр хаҭала Аахыҵ Уаԥстәыла акультура аминистр Рада Ӡагоевеи Аахыҵ Уаԥстәыла арҿиаатә интеллигенциа зегьи аиашьаратә республика адгылара аҭаразы иаадырԥшыз аинициатива азы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.


Read 345 times - Аҩаша, 13 Жәабран 2024 16:14