Print this page
12.Жәабран.2024

Аԥсны Амилаҭтә Банк агәаларшәаратә ԥараҿырԥқәа «Кавказ ажәларқәа» ҭнажьит.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә Банк агәаларшәаратә ԥараҿырԥқәа «Кавказ ажәларқәа» ҭнажьит. Аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа  200 ԥсар рҟынӡа инаӡоит.  Зынӡа 1000 цыра ҭыжьуп. Абри атәы аанацҳауеит Абанк апресс-маҵзура.

Ари аԥараҿырпқәа 925-тәи ацқьара змоу араӡны иалхуп, иара 100х60 миллиметр иҟоуп, акапан – 351 грамм рҟынӡа инаӡоит.

Асахьаҭыхыҩ - Баҭал Џьапуа.

Аԥараҿырпы «Кавказ ажәларқәа рымаҭәеи рабџьари» асериа ала иҭыжьуп.

Аԥараҿырпы аверс аҿы афотоҭыхыҩ Дмитри Ермаков XIX ашәышықәсазы иҭыхымҭа «Аԥсуа депутатцәа» аҟынтәи аибашьцәа рфотосахьа, арымарахь амратә дыргеи ажәҩан иалоу 11 шьауардынқәеи арбоуп, маҷк арыӷьарахьшәа аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа – 200 ԥсар, иара убас уи анҭыжьыз арыцхә – 2023ш. ануп.

Аԥараҿырпы арыӷьарахьтәи аган аҿы Аԥсны Абанк», иара убас Ареспублика Аԥсны ҳәа азаҷ ҟаҵоуп.

Ареверс аҿы – асериа «Кавказ ажәларқәа рымаҭәеи рабџьари» афырхацәа зегьы иԥшшәылоу  азаҷкьыԥхь ала инагӡоу рсахьақәа ануп.  Асахьа итрадициатәу аԥсуа арнамент ала иҟаҵоу адекоративтә хыц иҭакуп.


Read 312 times - Ашәахьа, 12 Жәабран 2024 20:28