Print this page
09.Жәабран.2024

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа идикылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Уыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киут иааԥхьарала Аԥсныҟа иааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр урыстәылатәи иколлегацәа бзиала шәаабеит ҳәа дырԥыло Аԥсны амчратә хылаԥшырҭақәа анапхгарабжьаратәи атактикатә рзыҟаҵарақәа рылахәхара азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Роберт Киут жәларбжьаратәи атерроризм, абџьари анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа аҳәаа иахыганы наӡ-ааҟ реикәыршара аганахьала ацәгьоурақәа рыԥхьырҟәҟәаареи ацәгьоуцәа рыԥшаареи раанкылареи, уҳәа ахырхарҭақәа рыла анапхгарабжьаратәи аусеицура қәҿиарала аҿиара шамоу азгәеиҭеит.

Аиԥылара ихы алаирхәит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак Сергеи Голенков.       

 


Read 361 times - Асабша, 10 Жәабран 2024 16:47