Print this page
08.Жәабран.2024

Аԥсны Аурыс драматә театр Москва ақалақь аҿы агастрольқәа мшаԥымза 6 – 9 рзы имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 6 – 9, 2024 шықәса рзы Москва ақалақь аҿы Ф. А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр  (РУСДРАМ) итрадициатәу агастроль дуқәа мҩаԥысраны иҟоуп.

Ԥшьымш рыла ахәԥшцәа идырбахоит ф-спектакльк, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 2023 шықәсазы заԥхьарбара мҩаԥысыз М. Агеев иаԥҵамҭа ала  Роман Кочержевски иқәиргылаз аспектакль   «Роман с кокаином», иара убас ашәҟәыҩҩы ииубилеи инамаданы Ф.Искандер ирҿиамҭа ала иқәыргылаз аспектакль «Софичка».

Аспектакльқәа Атеатралтә Центр «На Страстном», иара убас Москватәи атеатр «Et Cetera» асценақәа рҿы имҩаԥыслоит.

Атеатралтә Центр «На Страстном» асценаҿы имҩаԥысло аспектакльқәа рахь абилетқәа раахәара алшоит абри азхьарԥш ала: https://www.afisha.ru/wl/69/api#/.

Мчыбжьык ала Атеатр  «Et Cetera» аҿы имҩаԥгахо аспектакльқәа рахь  абилетқәа рыҭира иалагоит.  

Ф. Искандер Итеатр агастроль дуқәа ЗҲәА «Мистраль Треидинг» ацхырааралеи, иара убас «Москватәи Аԥсуа Дисапора» ахада Беслан Родион-иԥа Агрба хаҭала иҟаиҵо адгылареи  атеатр аофициалтә партниор Аилазаара «А-Мобаил» ацхыраареи рыла имҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атеатр апресс-маҵзура. 


Read 370 times - Аԥшьаша, 08 Жәабран 2024 21:43