Print this page
08.Жәабран.2024

Аслан Бжьаниеи Сергеи Лаврови аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, аԥшьаша, жәабранмза 8 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва усуратә визитла иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Аслан Бжьаниеи Сергеи Лаврови аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа анапхгаҩы иааиуа Адипломатиатә усуҩы имш идиныҳәалеит, урыстәылатәи аҳәынҭқарра аизҳазыӷьара ахьӡала имҩаԥиго аусураҟны аихьаӡарқәа изеиӷьеишьеит. 


Read 456 times - Аԥшьаша, 08 Жәабран 2024 21:10