Аҟәа. Жәабранмза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы «Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа рзы» Ареспублика Аԥсны азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект рыдыркылеит.
Иарбоу азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит:
- Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Иҷыдоу азкызаара змоу Ацентр аҳәнҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа рсистема алагалареи уи азинтә шьаҭа алкаареи;
- Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә отриад «Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа» ҳәа ахьӡ аԥсахра.