Print this page
06.Жәабран.2024

«Аԥснытәи аихамҩақәа» аспециалистцәа амшцәгьа инамаданы ишьақәгылаз иуадаҩу аҭагылазаашьа иахҟьаны адәыӷбақәа еиԥҟьарада рныҟәара алдыршеит.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩақәа» аусзуҩцәа аихамҩақәа рҿы аԥшацәгьа ахҟьаԥҟьақәа оперативла рықәгара алдыршеит.

Жәабранмза 6 ауха ӷәӷәала ишьҭыҵыз аԥша иахҟьаны Синоп аҳабла, Агәыӡера аҳабла, иара убас Кындыӷ ақыҭа иахьаҵанакуа иҵырҩыз аҵлақәа аихамҩақәа ирнаҳалеит. Ахҟьаԥҟьақәа рықәгараҿы «Аԥснытәи аихамҩақәа» аиҭашьақәыргыларатә бригадақәа иҷыдоу атехника рхы иархәаны аҭагылазаашьа арҽеира рылдыршеит.  

Ауадаҩрақәак аанханы иҟоуп акацар «Гәдоуҭа-Жәандәрыԥшь» аҿы, уаҟа аидкьысларатә ҳа ааха аиуит. Ахаа зауз аҭыԥ шьақәыргылоуп, аспециалистцәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагоит.

Акацар «Гагра-Цандрыԥшь» аҿы аихамҩа аҵыӡәӡәаара азы ашәарҭара ыҟоуп.

«Аԥснытәи аихамҩақәа»  аусзуҩцәа араҟа уахи-ҽни аҭагылазаашьа ахылаԥшра арҭоит.


Read 284 times - Аҩаша, 06 Жәабран 2024 19:01