Print this page
05.Жәабран.2024

Апарламенттә Еилакы аҿы «Ареспублика Аԥсны астратегиатә обиектқәа рзы» азакәан апроект иахәаԥшит.

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Ареспублика Аԥсны астратегиатә обиектқәа рзы» азакәан апроект иахәаԥшит аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы.  Аилатәара мҩаԥигон Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

Иарбоу азакәан апроект астратегиатә обиектқәа ралкаареи рҳәаақәҵареи рзы азинтә шьаҭақәа рышьақәыргылара иазырхоуп.

Азакәан апроект авторцәа ргәаанагарала, иарбоу азакәан апроект адкылара ахымԥадатәра иҟоу Аԥсны азакәанԥҵара аҿы ареспублика амилаҭтә шәарҭадара ашьақәыргылара азы ихадоу аҵакы змоу астратегиатә обиектқәа рсиеи реилкаареи ахьыҟам ауп изыдҳәалоу.

Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла Аилак иарбоу азакәан апроект Апарламент асессиа аилатәара актәи аԥхьарала адкыларазы абжьгара ҟанаҵоит.


Read 340 times - Ашәахьа, 05 Жәабран 2024 18:43