Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 5 нызықь кубометр инарзынаԥшуа аӡымҭҟьар ҩарқәа леит амҽыша ауха, жәабранмза 4 рзы акацар «Дагомыс – Лоо» иахьаҵанакуа.
«Адәыӷбақәа рныҟәара аанкылара анаҩс, аӡымҭҟьар ҩарқәа рлеира аинтернет аиқәыршәаҩцәа рфымцамхылдызтә цәқәырԥақәа рцәаҳәеизак ааха анаҭеит. Убри инамаданы аҩнытәии амобилтәии аинтернет аусураҿы аиԥҟьарақәа цәырҵуеит.
Иҳалшо зегьы аҟаҵара ҳаҿуп ҳабонентцәа рзы абжьааԥнытәи аинтернет аццакра аиҭашьақәыгыларазы. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны апроблема аӡбара алыршахоит», - ҳәа Аԥсныпрес акорреспондент иҿцәажәо адырра ҟарҵеит амобилтә еимадара Аилазаара «А-Мобаил» ауаажәларра рымадаразы аҟәша аҿы.