Аҟәа. Жәабранмза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи агәыманитартә ҭҵаарақәа Ринститут, Д.Гәлиа Иҩны-амузеи, Бедиатәи аныхабаа рҿы зыԥшра ҟамҵакәа инагӡатәу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рылацәажәара иазкын атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб имҩаԥигаз аилатәара.
Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара аҿы иара убас Амилаҭтә сахьатә галерееи уи аусзуҩцәеи аамҭала иахьыҟалаша аҭыԥ аԥшаара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥыза-министр Ареспубликатә Унитартә Наплакы Шьаҭанкылатәи Аргылара Аусбарҭа «Аԥсныргылара», Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара азы Аусбарҭа абоиектқәа рҿы инеины иҟоу аҭагылазаашьа ҭҵааны еиҳа зыԥшра ҟаиҵаӡакәа инагӡатәу ауснагӡатәкәа шьқәыргыланы ажәалагалақәа реиқәыршәара азы анапынҵақәа риҭеит.
Аилатәара рхы аладырхәит акультура аминистр инапынҵакәа назыгӡо Динара Смыр, Аҭоурах-культуратә ҭынха ахьчаразы Аусбарҭа аиҳабы Гарри Сангәылиа, Шьаҭанкылатәи Аргылара азы Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба, Д.Гәлиа ихьӡ зху Анаука-ҭҵааратә Институт адиректор Арда Ашәба, Амилаҭтә сахьатә галереиа адиректор Сурам Сақаниа, Д.Гәлиа Иҩны-амузеи адиректор Светлана Қорсаиа, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсныргылара» адиректор Хада Руслан Тәанба, аргыларатә еиҿкаара-анардкылаҩ анапхгаҩы Русҭам Цәеиба.