Print this page
02.Жәабран.2024

Аҳҭнықалақь Ахадара ақалақь аҿы иҟоу афымцамҩангагақәа рҭагылазаашьа атехникатә аудит аҟаҵара азԥхьагәарҭеит.

Аҟәа. Жәабранмза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы аоперативтә Штаб ҳазҭалаз ашықәс аҿы раԥхьатәи аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Аилатәара аҿы ԥхынҷкәынмзазы имҩаԥгаз ареидтә усмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны афымцамч ахархәара еиҳа армаҷра шалыршахаз азгәарҭеит.

Аилатәара аҿы аенергетикцәа ақалақь аҿы афымцамч ахархәара амҽхак аиҵатәра иаҟараны афымцацәаҳәақәа рықәсра иахҟьаны иҟоу атехникатә цәыӡқәа аарԥшхоит ҳәа иазгәарҭеит.  Убас афымцамч ахархәаҩ иҟынӡа анагара алыршахаанӡа  шықәсык ала иацәыӡуеит 100 млн  киловатт/сааҭ инареиҳаны.

Аилацәажәара иалахәыз ражәақәа рыла, афымцамҩангагақәа рмодернизациа афымцамч ахархәара арбагақәа рбалансркра алнаршоит.

Аҟәатәи Афымцатә Станциа аҳҭнықалақь аҿы ишьақәнаргылахьеит  14 нызықь инареиҳаны афымцахархәаратә приборқәа.  Ақалақь агәи аҩадатәи ахәҭеи аџьармыкьа иахьаҵанакуеи еиҳа ақәыӷәӷәара аиуеит, уаҟа иҟоу аҩнқәа рҿы макьаназы афымцахархәаратә приборқәа шьақәыргылаӡам.

Аилатәара иалахәыз ақалақь Ахада афымцамч ахархәара азы ашәатәқәа реизгара азы аҭагылазаашьа азы адырра ирҭеит. Аиуристтә хаҿқәа рыла ашәатәқәа ризгара 90 процент иреиҳауп, хазхаҭалатәи ахаҿқәа ашәатәқәа рылхра иадҳәалоу аҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩуп.

Беслан Ешба аилатәара иалахәыз Аҟәа ақалақь Ахадара аҳәаанырцәтәи аспециалистцәа алархәны ақалақь аҿы иҟоу афымцамҩангагақәа рҭагылазаашьа атехникатә аудит аҟаҵара азԥхьагәарҭеит ҳәа  адырра риҭеит. 

«Ҳара ақалақьтә фымцамҩангагақәа рҭагылазаашьа атехникатә аудит амҩаԥгаразы аилазаарақәак рыҿцәажәара ҳаҿуп. Аусуратә гәыԥ аԥҵахоит, уи иалалоит ақалақь Ахадара, АУН «Амшынеиқәафымцамч», Аҟәатәи Афымцатә  Станциа» ахаҭарнакцәа», –  ҳәа иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.       


Read 371 times - Ахәаша, 02 Жәабран 2024 16:23