Print this page
31.Ажьырныҳәа.2024

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аҿы ашәахтә декларациақәа иҿыцу аформақәа шьақәдырӷәӷәеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аҿы ашәахтә декларациақәа иҿыцу  х-формаки урҭ рхарҭәааразы аԥҟарақәеи шьақәдырӷәӷәеит.

Ари – хазхаҭалатәи ахаҿқәа рҟынтәи ахашәалахәытә шәахтә ала ашәахтә агент идекларациа, акцизқәа рзы адекларациа, иара убас абылтәи-ахьшьтәи рыҭира азы ашәахтә ала адекларациа роуп.   

Ашәахтә декларациақәа рыҭара хацыркхоит ажьырныҳәамза 2024 шықәса инаркны.

Ирыдыркылаз ашәахтә деларациақәа рформақәаеи урҭ рхарҭәаара аԥҟарақәеи Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аофициалтә саит https://mns-ra.org/documents/formy/   аҿы икьыԥхьхеит. 


Read 381 times - Ахаша, 31 Ажьырныҳәа 2024 22:52