Print this page
31.Ажьырныҳәа.2024

Амилаҭтә сахьатә галереиа адгылара аҭара иазку агәыҳалалратә концерт мҩаԥысраны иҟоуп жәабранмза 6 рзы.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 6, 2024 шықәсазы,  Р. Д. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны аҟазара азҟазацәа злаху агәыҳалалратә концерт.   

Афилармониа аҿы, аконцерт анымҩаԥысуа аҽны, асадаҟы аизгаразы аиашьыкьқәа шьақәыргылахоит.  Еизгахо аԥаратә хархәагақәа зегьы Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд аҟазара амаҭәарқәа рыла ахарҭәаара ахь идәықәҵахоит.

Ажьырныҳәамза 20 – 21 ауха, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу ахыбра аҿы иҟалаз абылра  аҿы амца иалаблит Амилаҭтә сахьатә галереиа ахьтәы фонд аҟынтәи аусумҭақәа рӷьырак. 4000 аҟазара арҿиамҭақәа рҟынтәи 200 усумҭа мацара роуп еиқәхаз.  

 

 


Read 357 times - Ахаша, 31 Ажьырныҳәа 2024 19:57