Print this page
29.Ажьырныҳәа.2024

Аԥснытәи артистцәа Рахманинов Иҩны аконцертә зал аҿы қәҿиарала иқәгылеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь, Рахманинов Иҩны аконцертә зал аҿы қәҿиарала имҩаԥысит Аԥснытәи артистцәа рконцерт. Аконцертә программа ааиртит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аскрипкарҳәаҩы Виктор Абрамиан-Ешба. Анаҩс иқәгылеит анагӡаҩ-ҿарацәа – Москватәи аконсерваториа аҟны иҟоу анагӡаратә ҟазара Академиа астудентцәа:  апианинорҳәаҩы Лана Адлеиба, Каи Хупориа, Виктор Абрамиан-Ешба иҵаҩы, альтарҳәаҩы Пиотр Бердников.

Ахәаԥшцәа иатәнатәит Софиа Сақаниа лыбжьы, лара Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка, Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцба лаԥшьгарала имҩаԥгаз II Жәларбжьаратәи амузыкатә конкурс аҿы   Гран-при лгеит.   

Анагӡаҩ  ҿарацәа адгылара рыҭаразы арахь иааит акомпозитор, адерижиор Нодар Чанба, ашәҟәыҩҩы Денис Чачхалиа, аҭоурыхҭҵааҩы Лариса Ҵәыџьба, абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Мадина Аҩӡба, Москва ақалақь аҿы инхо аԥсуаа.

«Даараӡа уеигәырӷьаратәы иҟоуп Аԥсны иахьеҵагыло аҟыбаҩ злоу амузыкантцәеи ашәаҳәаҩцәеи рабиԥара», – ҳәа Феисбук аҿы иҟоу лдаҟьа аҿы ианылҵеит Дырмит Гәлиа имоҭа Татиана Гәлиа.


Read 263 times - Ашәахьа, 29 Ажьырныҳәа 2024 19:41