Геннади Цурков Ацентр инанагӡо апроектқәеи асоциалтә ҵакы змоу аусмҩаԥгатәқәеи ртәы еиҭеиҳәеит. Аганқәа аԥснытәи арҿиаратә коллективқәа «Виатски Посад» ала имҩаԥгахо афестивальқәа рылахәхара иалацәажәеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб идикылеит Адоуҳа-иашахаҵаратә центр «Вятский Посад» ахада Геннади Цуркови Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ахада Виссарион Аплиааи.
Аиԥылараҿы аиашахаҵаратә, иааизакны акультуратә традициақәа реиқәырхареи реихаҳареи рганахьала аусеицура аперспективақәа ирылацәажәеит.