Print this page
23.Ажьырныҳәа.2024

Аҳәынҭқарратә маҵзура азы азакәан апроект Апарламент асессиа аилатәара актәи аԥхьараан иахәаԥшраны иҟоуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Аҳәынҭқарратә маҵзура азы» азакәан апроект иахәаԥшит адепутатцәа иахьа имҩаԥысыз аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы.

Азакәан апроект аҳәынҭқарратә маҵзура аинститут анорма-зинтә еиҿкаара аганахьала иҟоу Аԥсны азакәанԥҵара аҿы абжьаха арҽеира хықәкыс иҟаҵаны еиқәыршәан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.

Апроект ашьаҭа иалагалоуп ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи астадартқәеи ареспублика ареалтә ԥсҭазаара инақәыршәаны аҳәынҭқарратә маҵзура аиҿкаара апринципқәеи.  

Иарбоу азакәан апроект Аԥсны аҳәынҭқарратә маҵзура азинтә, аиҿкааратә, аекономикатә шьаҭақәа шьақәнаргылоит.

Аилацәажәара ашьҭахь, Аилак алахәылацәа азакәан апроект иааиуа Апарламент асессиа аилатәара актәи аԥхьарала адкыларазы адгалара амҩаԥгара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.


Read 382 times - Аҩаша, 23 Ажьырныҳәа 2024 18:36