Print this page
23.Ажьырныҳәа.2024

Нодар Шьониа Сибратәи Афедералтә округ аҿы аинырразы Аԥсны АдәАР ахаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Сибратәи Афедералтә округ аҿы аинырразы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп Нодар Шьониа. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр. 

Нодар Шьониа Сибратәи Афедералтә округ иаҵанакуа Урыстәыла асубиектқәеи Аԥсни ганрацәалатәи реинырра азҵаарақәа рыӡбра мҩаԥигалоит.

Аусура иаҵанакуеит ахәаахәҭра-економикатә, аинвистициатә, акультура-гуманитартә проектқәа.

Нодар Шьониа Сибра аргылаҩцәа дуқәа дреиуоуп, аргыларатә холдинг «СЕЛФ» директор хадас дамоуп.

Шьониа активла адгылара аиҭоит Урыстәыла арегион ҿыцқәа рсоциалтә инфраструктура аиҭашьақәыргылара.

 

 


Read 344 times - Аҩаша, 23 Ажьырныҳәа 2024 17:11