Print this page
23.Ажьырныҳәа.2024

Аԥсны аҳәаахьчаратә закәанԥҵара еилазгаз 700-ҩык аанкылан 2023 шықәсазы Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәаа аҿы.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи  Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи  русзуҩцәа аҳәаахьчаратә закәанԥҵара еилазгаз 700-ҩык ааныркылеит.

Иаанкылаз атәылауаа  Аԥсны Административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ  190 «Аҳәаахьчаратә зона аҿы аҳәаахьчаратә режим аилагара», ахәҭаҷ  1902 «Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟа амшынтә ӡымҽхаки атерриториалтә мшыни рҿы аҳәаахьчаратә режим аилагаразы» инарықәыршәаны административтә хьырхәра иақәыршәоуп, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура асаит аҿы.

Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 324, ахәҭа 1 «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахысра» инақәыршәаны, ацәгьоура аилазаара аҷыдарақәа рыла 15 шьаус  хацыркын. Еиуеиԥшым азкызаара змоу аидарақәа аԥсуа-қырҭуатә ҳәаа изакәанымкәа ахысразы 30 ҽазышәара ԥхьырҟәҟәаахеит: ирымырхит аҭаҭын аалыҵ зҭоу  900 инареиҳаны аблокқәа, амаининг азы аппаратқәа 6.

Изакәанымкәа аусура аиҿкаареи анагӡареи иалаху ахаҿқәа рганахьала Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны азинтә хьырхәра ауснагӡатәқәа мҩаԥгоуп.


Read 333 times - Аҩаша, 23 Ажьырныҳәа 2024 17:11