Print this page
21.Ажьырныҳәа.2024

Еиқәхаз асахьақәа Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбраҟынтәи адәылгара иаҿуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбраҿы иаха иҟалаз абылра ашьҭахь Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд аҟынтәи ахәҭа хәыҷы еиқәхеит.

Уи Виктор Шьеглов, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Сангалов, Сергеи Габелиа, Висарион Ҵәыџьба, Голава, Ҭачулиа, Минасиан, уҳәа егьырҭ  асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа роуп. 

Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра аҩбатәи аихагылаҿы иҟан Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа, 4000 екземплиар инареиҳаны. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ахаан зеиҭашьақәыргылара ҳалымшо 300 рҟынӡа Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа...


Read 269 times - Ашәахьа, 22 Ажьырныҳәа 2024 22:54