Print this page
21.Ажьырныҳәа.2024

Аҟәа ақалақь, ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра аҿы абылра ҟалеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, ашьыжь шаанӡа, асааҭ ԥшьба инарзынаԥшуа, Лакоба имҩала игылоу ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра амца акит. Амцарцәара иалахуп Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амцарцәаратә гәыԥқәа фба.

Амцеи алҩеи амҽханакит ҩ-еихагылакны иҟоу ахыбра ахыб иахьаҵанакуа, ҳәа иазгәеиҭеит ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы аус зуа Аԥсныпресс акореспондент.  

«Ашәарҭара иҭагылоуп аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа рыхьтәы фонд зегьы. Амилаҭтә галереиа абылра иаҿуп. Ҳаикәыбгеит!», – ҳәа лылаӷырӡ лҿыкәааша иҟалаз ахҭыс азы илҳәеит акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр.


Read 229 times - Ашәахьа, 22 Ажьырныҳәа 2024 20:55