Print this page
18.Ажьырныҳәа.2024

Аӡбаҩ имаҵураҭыԥ аанкыларазы хҩык акандидатцәа аквалификациатә ԥышәара рҭиит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 26, 2023 шықәсазы имҩаԥысит Ареспублика Аԥсны аӡбаҩцәа Рԥышәаратә комиссиа аилатәара.   Аусмҩаԥгатә аӡбаҩ имаҵураҭыԥ аанкыларазы аквалификациатә ԥышәара адкылара иазкын.  Аквалификациатә ԥышәара аҭирахь инашьҭын х-кандидатк – Ҵәыџьба Денис Владимир-иԥа, Гаидуков Ҭемыр Владимир-иԥа, Ҳагәышь Есма Анатоли-иԥҳа.

Акандидатцәа зегьы аӡбаҩ имаҵураҭыԥ аанкыларазы аквалификациатә ԥышәара рҭиит, ҳәа адырра ҟаҵнаҵоит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аофициалтә саит.


Read 350 times - Аԥшьаша, 18 Ажьырныҳәа 2024 15:54