Print this page
18.Ажьырныҳәа.2024

Сарида Лакәатааԥҳа ашахматқәа рзы раԥхьатәи аспорттә разриад ланашьахеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Краснодартәи атәылаҿацә абаҩарҵәыреи аспорти Рминистрра Адҵа ала аԥснытәи ашаахматистка Сарида Лакәатааԥҳа раԥхьатәи аспорттә разриад ланашьахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.

 

Сарида Лакәатааԥҳа 2008 шықәса рзы диит, лара Аԥсны ачемпионка ҳәа ахьӡ лхуп, иара убас Краснодартәи атәылаҿацә ашахматқәеи ашахматтә композициақәеи рзы араӡнытә аԥхьахә ланашьоуп,  ирласу ашахматқәа рзы Краснодартәи атәылаҿацә аџьазтә аԥхьахәгаҩы,  аблиц азы Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионка, Ҟәбина аҿар аԥхынтәи Рыспартакиада аҿы аџьазтә аԥхьахәгаҩы, аблиц азы Шәача ақалақь ачемпионка, ашахматтә композициақәа рыӡбаразы Алада Федералтә Округ ачемпионка,   жәларбжьаратәи атурнирқәа рҿы изныкымкәа аиааирақәа згахьоу аспортсменка лоуп.


Read 377 times - Аԥшьаша, 18 Ажьырныҳәа 2024 15:47