Print this page
14.Ажьырныҳәа.2024

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ажьырныҳәамзазы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ажьырныҳәазы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп.

«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар, ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, Аԥсны иқәынхогьы, уи анҭыҵ иҟоугьы, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аԥсуаа ҳзы иԥшьоу, аҵак дуӡӡа змоу Ажьырныҳәа!

Шәышықәсала ҳажәлар имырӡқәа иаарго ари аныҳәа амч еиднакылоит аҭаацәарақәа, ауа-аҭахыра, еизааигәоу зегьы. Абри ауха Анцәа иахь рхы рханы аиҳабацәа аҭоурых дуӡӡа змоу Ҳаԥсадгьыл азы иныҳәоит, аҭынчра, ахирра, абарақьаҭра агымзарц, иҟазарц аизҳара, анҵыра, ҳҵас, ҳқьабз мыӡырц азы, ҩнаҭацыԥхьаӡа аҳәоуеиқәшәара, аҳаҭыреиқәҵара рымазарц азы.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, иааиуа ашықәсгьы Аныҳәа алԥха шәыманы аԥыларазы алшара шәоуааит!

Ҽаанбзиала шәнеиааит!»

 

 


Read 319 times - Амҽыша, 14 Ажьырныҳәа 2024 15:52