«Шьыжьы инаркны автоинспекциа агәыԥқәа аӡиа Риҵа ахь инагоу амаршрут ала аԥыԥшра нарыгӡоит. Ҳара иаанаҳкылеит, шьҭахьҟагьы идәықәаҳҵеит жәабала аӡынтәи агьежьхарԥа змам амашьынақәа. Аха, зегьы рыла ирхиоу амашьынақәагьы асы зықәнауз амҩала аныҟәара анырцәыуадаҩхогьы рацәоуп. Убас, амҩа аҟынтәи аӡиас иалаҳаит ауаа зҭатәаз амашьына. Анцәа иџьшьаны аԥстәбара ҟамлаӡеит, ахәахәа-чахәарақәа зауз ауаа ахәышәтәырҭахь идәықәҵахеит. Ҳара ас еиԥш иуадаҩу амҩа анылара ҭакԥхықәрала иазнеиларц, аӡынтәи агьежьхарԥа ала еиқәыршәам автомашьынақәа рыла аӡиа ахь амҩа иқәымларц азы ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит. Ари ауснагӡатә ишәарҭоу амҩатә ҭагылазаашьақәа рыцәцара алнаршоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Асҭамыр Ҭаниа.